Аԥсны

Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ далхуп

Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа зыхьчо хәышықәса ҿҳәарас иҭан далырхуеит Апарламент аҟны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Анас Кьышьмариаԥҳа Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ ҳәа далхуп.
Ари аҭыԥ азы ркандидатурақәа ықәгылан Диана Керселиани Гунда Џьниаԥҳаи. Гунда Џьниаԥҳа лхала лкандидатура ықәылгеит.
Кьышьмариаԥҳа дыпсихологуп, 2008 шықәсазы далгеит СПбГУ, апсихологиа афакультет.
2008 шықәса раахыс ААУ аҟны дырҵаҩуп, 2016 шықәса раахыс ашкол "Алашара" аҟны психологс аус луеит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы ахада иҟны иаԥҵо АҬЦ аҟны ҟазауаҩыс дыҟан, Апарламент афбатәи ааԥхьара Гал араион адепутат идкыларҭаҟны ауаҩы изинқәа ахьчаразы абжьгаҩыс дыҟан.
Хәажәкыра 2018 шықәса раахыс Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаҩс дыҟан Асида Шьаҟрылԥҳа.