Аԥсны

Гагра араион ахәҭак ԥшь-сааҭк лашарада иҟазаауеит

Астанциа маҷ "Алаҳаӡы" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны алашара ҟалаӡом.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 19 – Sputnik. Гагра араион ахәҭак ԥшь-сааҭк лашарада иҟазаауеит иахьа, мшаԥы 19 рзы. Абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Астанциа маҷ "Алаҳаӡы" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны алашара ҟалаӡом асааҭ 11:00 инаркны 15:00 рҟынӡа.