Аԥсны

Аԥсны ААР: иӡыз аҷкәын хбыџ дыԥшаауп

Мшаԥы 19 ахәылбаҽха ААР ирыланаҳәеит аҷкәын хбыџ дыӡит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Инал Делба, 2006 шықәсазы ииз, мшаԥы 19 ауха дрыԥшааит, амилициа аусзуҩцәа дрыманы иҭаацәа рахь инеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Уаанӡа аусбарҭа ишаанацҳауаз ала, аҷкәын хбыџ ашьыжь, мшаԥы 19 рзы Гәыԥ ақыҭан иҩны ддәылҵит уаҳа дыхнымҳәӡеит.