Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Атуризм аминистрра Гал араион атуристтә хырхарҭақәа ирыларҵарц ргәы иҭоуп

Атуризм аминистр Гал араион даҭааит усутә ныҟәарыла.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Гал араион Аԥсны азы аҵак ду амоуп ҳәа иҳәеит Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Гал араион аҿы усутә ныҟәарыла иҟазаараан.
Уажәы аусбарҭа аусурақәа мҩаԥнагоит Гал араион атуристтә маршрутқәа ирыҵанакырц азы. Хышба иазгәеиҭеит "Галтәи амшын" атуристтә лшамҭа дуқәа шамоу.

"Мышкы ҳәа атәыла иаҭаауа рзы иуадаҩзаргьы, акырмшы Аԥсны иҟазаауа атуристцәа рзы Гал араион аҿы идурбаша ҟалоит. Ара имаҷӡам аҭыԥ ԥшӡаррақәа. Иалшоит атәыла аиҳабыра рыцхыраарала глемпинг аиԥш иҟоу аԥсшьарҭатә хыбрақәа рыргылара", - ҳәа иҳәеит Хышба.

Аминистр иазгәеиҭеит аҭыԥантәи аекскурсиатә фирмақәа Гал араион ахь амаршрутқәа рыҭира аинтерес дырктәуп ҳәа.
"Уаанӡа ашәарҭадара азҵаара ыҟазҭгьы, уажәы араион анапхгара, аҭыԥантәи АШәМ, ААР рнапхгара иалшо зегьы ҟарҵоит аҭыԥ аҿы аԥсҭазаара ҭынчрыла амҩаԥысразы. Уи ҳара ҳалала иаабеит", - ҳәа иҳәеит Хышба.
Аминистри ЕгрыГЕС атехникатә директор Гиа Хубуеи астанциа иаҭааны ирбеит. Хышба иҳәеит аԥхын алашара аганахь ала ауадаҩра ҳазыԥшым ҳәа.
"ЕгрыГЕС аҟны ҳаҟазаараан сара анџьныр хада сизҵааит аԥхынразы ҭагылазаашьас иҳауеи ҳәа. Иара агәра сиргеит акурорт сезон аан Аԥсны аҵакыраҿы алашара аганахь ала уадаҩра шыҟамло". - ҳәа иҳәеит Хышба.
Аминистр дырҭааны ибеит анапхгаратә зал, амашьынатә зал, атурбинатә зал.