Аԥсны

Урыстәыла аиҳабыра аԥкаанҵа рыдыркылеит баџьда апропан Аԥсныҟа аагаразы

Урыстәылантәи Аԥсныҟа баџьда иааргарц иҟало атауарқәа реиқәыԥхьаӡа харҭәаауп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра аԥкаанҵа рыдыркылеит Аԥсныҟа баџьда апропан аагаразы. Абри азы аусдҵа кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҟны.
"Урыстәыла аенергетика аминистрра иҟанаҵаз адгаларала, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи егьырҭ аинтерес змоу афедералтә еиҿкаарақәеи ақәшаҳаҭны, заанаҵы аԥснытәи аган аус зыднауылаз Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыреи Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыреи рыбжьара атауарқәа рыла ахәаахәҭразы аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагаларазы аԥкаанҵа ибзиоуп ҳәа ахҳәаазааит", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
Урыстәыла аенергетика аминистрреи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи анапынҵа рыҭоуп аԥснытәи агани дареи аилацәажәарақәа мҩаԥыргарц, Урыстәыла аиҳабыра рыхьӡала аԥкаанҵа рнапы аҵарҩырц, апринцип ҟазшьа змам аиҭакрақәа апроект иалагаланы.