Аԥсны

Амҩан иҟалаз амашәыр аҟны ахаҵа дҭахеит

Ахаҵа ахшыбаҩтә ааха иманы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадахь днаргеит асааҭ 17:30 рзы ахәаша, мшаԥы 21 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik, Бадри Есиава. 33 шықәса зхыҵуаз ахаҵа Гәдоуҭа араион амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит араионтә хәшәтәырҭаҿы.
Амедусзуҩцәа ражәақәа рыла, Қәланырхәа ақыҭан автомашьына ааҳәит. Амашьына арныҟәцаҩ ахшыбаҩтә ааха ӷәӷәа иманы ахәшәтәырҭахь днаргеит асааҭ 17:30 рзы.
Амҩатә машәыр аан, амашьынарныҟәцаҩ иоуз ааха ӷәӷәа иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит.