Аԥсны

Ареспубликатә мҩаду хада 13-тәи акилометр аҟны аҵла анаҳалеит

Амҩаду хада аҵла шанаҳалаз азы Аԥсны АҶА Гагра араион амҩақәҵаратә усбарҭахь адырра ҟаҵан асааҭ 16:00 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik, Бадри Есиава. Ареспубликатә мҩаду хада 13-тәи акилометр аҟны аҵла амҩа ианаҳалан амашьынақәа рныҟәара ааннакылеит ахәаша, мшаԥы 21 рзы.
Аусбарҭаҿ ирҳәеит, Чагрыԥшь ақыҭа иахьаҵанакуа аҵла хжәаны амҩаду ианаҳалеит ҳәа.
Аҭыԥахь инеиз ареспублика АҶА аиқәырхаҩцәеи, АУН "Ицқьоу ақалақьи" "Иҷыдоу автонхамҩеи" русзуҩцәеи амҩа дрыцқьеит. Автомашьынақәа рныҟәара хацыркуп, аӡәгьы ааха имоуӡеит.