Аԥсны

Атәылахьчара аминистрра аҽазыҟаҵарақәа рҟны ахысрақәа мҩаԥыргеит

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп Арбџьармчқәа ррырратә напхгараҭара аусбарҭақәа, арезервхәҭақәеи арезервеидҵақәеи, аҵакырахьчаратә еиҿкаарақәа, арратә комиссариатқәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аҽазыҟаҵарақәа рҟны ахысрақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын арҟәшақәа зегьы, аԥырҩы дызҭам аԥшыхәратәи ажәыларатәи ахархәагақәа, артиллериа, авиациа.
Аррамаҵзурауаа бџьархкыс иҟоу зегьы рҟынтәи "аӷа" иабашьны иаадырԥшит азыҟаҵара ҳаракы, дара дара рыбжьара аишьашәалара.
Ахысра – арҟәшақәа, акомандирцәа, аштабқәа, арратә еилазаара имҩаԥырго хыркәшаратә хәҭоуп. Ахысразы русдҵақәа нагӡаны арҟәшақәа егьырҭ рнапы иану аусқәа нарыгӡоит.
Аҽазыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп арратә напхгараҭара аусбарҭақәа реиқәыршәара, ахаҭаратә еилазаара адәнытә ҭагылазаашьаҿы рдыррақәа реизырҳара, рҿаԥхьа иқәгылоу аусдҵақәа рынагӡаразы арратә еилазаареи атехникеи аҵәах аҟынтә рнагара.
Аҽеизакратә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит мшаԥы 20 рзы.
Аԥсны
Аԥсны арезерв аҟны иҟоу рҽеизакратә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит