Аԥсны

Гагра ахәшәтәырҭаҿ ахаҵа иԥсҭазаара далҵит амҩатә машәыр иахҟьаны

25 шықәса зхыҵуаз ахаҵа Гагратәи ахәшәтәырҭахь днаган аԥшьаша ауха, мшаԥы 20 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи араионтә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 25 шықәса зхыҵуаз ахаҵа, мшаԥы 20 руха иҟалаз амҩатә машәыр аҟны ааха зоуз. Абри атәы амедусбарҭа Sputnik иазеиҭарҳәеит.
Амедусзуҩцәа ирҳәеит, аԥшьаша мшаԥы 20 рзы Гагра араион аҟны амҩан амашәырқәа хԥа шыҟалаз. Иҟалаз амашәырқәа руак аҟны ашьаҟауаҩ амашьына исит. Ааха зоуз Аҟәатәи ареспубликатә хәшәтәырҭахь ддәықәҵан.
Аҩбатәи амашәыр аҟны аӡәгьы ааха имоуӡеит. Ахԥатәи амашәыр ҟалеит аҵх акыр инеихьаны, ааха иоуит 25 шықәса зхыҵуаз ахаҵа. Иара ашьыжь, мшаԥы 21 рзы иԥсҭазаара далҵит.