Аԥсны

Константин Ԥлиа: ахәмарратә бизнес - ихадоу атуристтә хырхарҭоуп

Гал араион ахада Константин Ԥлиа ахәмарырҭа ҳтәыла иаҭаауа асасцәа рымацара ирызкызароуп ҳәа иԥхьаӡоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Гал араион Гәдаахәыҷы ақыҭа аҟны атуристцәа рзы ахәмарырҭа еиҿкаазар ҟалоит ҳәа иԥхьаӡоит араион ахада Константин Ԥлиа. Игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik иеиҭаз аинтервиу аҟны.
"Уи ҟаҵатәуп Аԥсны ауааԥсыра рзы акәымкәан, ԥсшьара иаҳҭаауа атуристцәа рзын. Сара ари раԥхьаӡа акәны исҳәоит, иҟалап акритика азызуа ҟаларгьы, аха сара ари аҟаҵара ахәҭаны, атуристтә хырхарҭаҟны ихадоу акәны исыԥхьаӡоит. Аԥхьаҟа уи азын аофициалла азыҳәа ҟаҳҵоит. Иаҳбап, атәыла анапхгара, аиҳабыра, адепутатцәа, ауаажәларра ишрыдыркыло. Ҳара уи аҟаҵара ҳҽазаҳшәоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ԥлиа иажәақәа рыла, ари абизнес аҿиаразы иазҿлымҳау аинвестор дыҟоуп. Уи анаҩсгьы асасцәа рырманшәалараз ақыҭа амҩа ҟаҵахоит, ирлашахоит, иара убас инагахоит аӡы.
Ақыҭа Гәдаахәыҷы шьҭоуп Гал 35 километра инахыганы. Асовет аамҭақәа рзы аиланхарҭа Приморск ҳәа иашьҭан, уаҟа инхон Ингәур ГЕС аргылара иалахәыз СССР зехьынџьаратәи иааз аргылаҩцәеи анџьнырцәеи.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ақыҭа хыԥхьаӡара рацәала иааныжьны ицеит. Иахьазы Гәдаахәыҷы 40-ҩык инареиҳаны иаланхоит, ақыҭахь уназго амҩа ԥҽуп.
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Атуризм аминистрра Гал араион атуристтә хырхарҭақәа ирыларҵарц ргәы иҭоуп