Аԥсны

Риҵатәи апарк аҿы ҩбаны еихагылоу амашьынаргыларҭа дыргылар ҟалоит

Иахьазы аӡиа Риҵа анаԥшааԥшырҭатә ҭыԥ ахыхь иҟоу амашьынаргыларҭа шә-машьынак рҟынӡа иакуеит. Аԥхын аԥсшьацәа рырацәахара иахҟьаны ауадаҩрақәа цәырҵуеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Риҵатәи апарк аҿы ҩбаны еихагылоу амашьынаргыларҭақәа ҟалар ҟалоит, иахьазы ари апроблема аҭыԥ ахьамоу инадҳәаланы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа.
"Апроект макьана аус адулам, аха иахәҭоу усуп. Ус анакәымха амашьынақәа рхалара ԥктәхоит. Ахылаԥшыҩцәа заҟа лбаауа аҟара рхалара еиҿыркаалар акәхоит", - ҳәа иҳәеит Багаҭелиа.
Иара иажәақәа рыла сынтәа аԥхынраз усеиԥш иагьыҟалоит. Аекскурсиатә автобусқәа арахь иаҵанакуам.
Багаҭелиа иажәақәа рыла, амашьынарныҟәцаҩцәа аҭыԥ анырмоулак рмашьынақәа амҩа аҿықә аҿы идыргылоит, аҭыԥ ҭацәны иахьырбо. Асезон аан аҭыԥ анбаҭацәуеи ҳәа рмашьынақәа ирҭатәаны иԥшуп.
Аԥсны
Риҵатәи апарк иахьаҵанакуа арыцқьарақәа ирылагеит
"Аӡиа Риҵа аҿы аргыларҭа ҭыԥқәа азхом. Иахьа Апарламент аилатәараҟны сара ари азҵаара шьҭысхит. Асовет аамҭазы аекскурсиақәа еиҿкаарыла автобусқәа рыла имҩаԥыргон. Уажәы атуристцәа реиҳараҩык рхатә машьынақәа рыла ихалоит ма ара амашьынақәа ааныркылоит. Есышықәса амашьынақәа рхыԥхьаӡара иацлоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакыра 390 метр ԥшьыркца иҟоуп, Урыстәылатәи Афедерациа Аахыц Кавказ амилаҭтә паркқәеи аҳәырԥсаррақәеи Рассоциациа иалоуп.
Риҵатәи амилаҭтә парк аԥҵан жьҭаара 17, 1996 шықәсазы Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны. Риҵатәи амилаҭтә ареликтә парк ахь аӡиа Риҵа адагьы иаҵанакуеит аӡиа Иаҵәа, Гегатәи аӡхыҽҽа, Риҵа Маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара аԥшаҳәаҿы иҟоу аӡцәыцәы, аӡиасқәа Бзыԥ, Гега, Ҩыԥсара реиҩхаа ҭшәақәа.