Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ашәахьа, мшаԥы 24 рзы

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргараны иҟоуп Аҟәа Џьонуеи Имам Шамиль рымҩақәеи рҟны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ашәахьа, мшаԥы 24 рзы ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра".
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа Аҟәа Џьонуеи Имам Шамили рымҩақәа рҟны имҩаԥыргараны иахьыҟоу иахҟьаны асааҭ 00:00 инаркны 17:00 рҟынӡа аӡы ҟалаӡом анаҩстәи араионқәа рҿы:
Ажәытә ҳабла,
авокзал иахьаҵанакуа,
Адыгеиаа рымҩа,
ВИЕМ,
ақалақь агәи ашьхареи,
аџьармыкьа иахьаҵанакуа.