Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистр агәабзиарахьчара ахықәкы хада атәы иҳәеит

"Аԥсны агәабзиарахьчара аҭагылазаашьа: ахаҭабзиара ашьҭыхразы амҩақәеи, ауааԥсыра амедицинатә цхыраара аиуразы рылшарақәеи" атемала ажәахә иманы дықәгылеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. Атәыла ауааԥсыра ргәабзиара ахьчара- Аԥсны агәабзиара аминистрра иахықәкы хадоуп, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит амедицинатә форум аартуа аусбарҭа ахада Едуард Быҭәба.
Быҭәба иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амедицина аусхк ааха ду шанаҭаз, акадрқәа разымхара шыҟоу.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла 2008 шықәсазы Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа, 2014 шықәсазы астратегиатә усеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵырҩы ашьҭахь ауп хәшәыла реиқәыршәареи агәабзиарахьчара азакәанԥҵара реишьаршәалареи рзы алшара ҿыцқәа аныҟала.

Аминистр иазгәеиҭеит, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы аинвестициатә программа иабзоураны амедицинатә усбарҭақәа шеиҭашьақәыргылаз, амаругақәа рыла ишеиқәыршәаз.
Быҭәба иажәақәа рыла, COVID-19 ԥышәарахеит Аԥсны агәабзиарахьчара асистема зегьы азы. Аминистр иҳәеит апандемиа аамҭазы акоронавирустә ҿкы аҿагылараҟны Урыстәыла хәызмам ацхыраара шыҟанаҵаз- Аԥсныҟа иаашьҭын урыстәылатәи аҳақьымцәа, амобилтә госпиталь.
Аԥсны
Актәи Жәларбжьаратәи амедицинатә форум аатит Аҟәа
Аԥсны агәабзиарахьчара ахықәкы- ауааԥсыра рышықәснҵыра ацҵара, ргәабзиара арӷәӷәара роуп.
Агәабзиара аминистр иҳәеит ареабилитациа азҵаарақәа рыӡбараҿы ахархәара аҭаҭәуп аҳауатә, абальнеологиатә лшарақәа.