Аԥсны

Аӡхыҽҽа ГЕС-1 аусура еиԥҟьеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. Аӡхыҽҽа ГЕС-1 аусура еиԥҟьеит мшаԥы 24 рзы, ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

"Авариа иахҟьаны авольтҳарак цәаҳәақәа "Шьешьелеҭ-1", "Шьешьелеҭ-2" фымцада иаанхеит. Афымцазҟазацәа аҭыԥ аҟны аус руеит.

Лашарада иҟоуп Очамчыра, Гәылрыԥшь, Гал, Тҟәарчал араионқәа, иара убас Аҟәа ахәҭак.