Аԥсны

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ианаршьеит Иван Павлов ихьӡ зху аҳаҭыртә медаль

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба еицырдыруа аурыс физиолог, амилаҭтә медицинеи агәабзиарахьчареи рыҿиараҿы илагалазы Нобельтәи апремиа алауреат Иван Павлов ихьӡ зху аҳаҭыртә медаль ианашьоуп.

Аҳамҭа ианаршьеит Урыстәыла академиа иԥсабаратәу аҭҵарадырра иреиҳау ахеилак аӡбамҭала, амилаҭтә медицинеи агәабзиарахьчареи рыҿиараҿы илагалазы.

Аиԥш зеиԥшу аҳамҭа ранашьан Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәеи, Ареспубликатә хәышәтәырҭа азеиԥш ԥҟарҭа аҟәшәа аиҳабы Маврик Чагәааи.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистр агәабзиарахьчара ахықәкы хада атәы иҳәеит