Аԥсны

Бзыԥ аӡиас иаанахәаз ашьабсҭа еиқәдырхеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. Бзыԥ аӡиас иаанахәаз ашьабсҭа еиқәдырхеит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ашәарах еиқәзырхаз руаӡәк Ренат Џьниа.
"Бзыԥтәи аҩхаа иҟоу "Zip-Line" аҟны аус зуеит сара. Уаҟа сшыҟаз ԥстәык аӡы ишаанахәаз збеит. Сҩызцәеи сареи аӡиас ҳхықәланы ҳашнеиуаз ашьабсҭа шакәыз еилаҳкааит. Аҟәара ианазааигәаха ашахақәа рыла иҭаҳгеит", - иҳәеит Џьниа.
Ашәарах аиқәырхара иалахәын иаҩсны ицоз амашьынарныҟәцаҩцәагьы. Ашьабсҭа аӡы ианҭырга аныҟәара ацәыцәгьан, аԥсы ааргарц ааигәа иҟаз аԥацхахь инаган акраҿарҵеит, идырԥхеит.
Аамҭақәак рышьҭахь ашьабсҭа ашьапы иқәгылеит. Ааигәа ауааи ашәарыцалақәеи ахьыҟам абнарахь иганы иоурыжьит.