Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Бжьаниа Москваҟа ицара, Апарламент аилатәара, аҭәаҵла ахәшәтәра

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны атәылаҿ амчыбжь аҩнуҵҟа аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа ҟанаҵоит. Иҳаҩсыз амчыбжь ахҭысқәа ҳматериал аҿы.
Sputnik
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва еиԥыларақәас имаз, Апарламент адепутатцәа ӡбамҭақәас ирыдыркылаз, Лыхнашҭатәи аҭәаҵла ԥырҟеит ҳәа гәҩарас ирыманы иааныркылаз азусҭцәоу уҳәа егьырҭ ажәабжьқәа ртәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.

Аԥсны ахада Москва дыҟоуп

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусутә еиԥыларақәа рзы Москваҟа дцеит иҳаҩсыз амчыбжь азы. Ахада ипресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, Урыстәыла аҳҭнықалақь аҿы иара дидикылеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев.
Дара арегион аҟны ашәарҭадара иалацәажәеит, иара убас ирзааҭгылеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәеи акурорттә аамҭазы урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадареи.
Аекономикеи афинансқәеи русхк аҟны аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Аслан Бжьаниеи Урыстәыла афинансқәа рминистр Антон Силуанови.
Аслан Бжьаниа Урыстәыла аҳҭнықалақь официалла аҵыхәтәаны даҭааит 2023 шықәса жәабранмзазы. Иара убасҟан Минскҟагьы дцеит, уа Белоруссиа ахада Александр Лукашенко дидикылеит

Апарламент аӡбамҭақәа

Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит ахаша, мшаԥы 19 рзы. Адепутатцәа ирыдыркылеит азакәан апроектқәа рахь аиҭакрақәеи азакәан ҿыцқәеи. Иаҳҳәап, 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны амч аиуеит аҭаҭын аалыҵ аӡыргара иақәиҭызымтәуа азакәан.
Асиа ианылеит аҭаҭынаалыҵи аникотин злоу егьырҭ аалыҵқәеи, аҭаҭынахаратә хархәагақәеи (аҭаҭыныжәгақәа, асигареҭтә қьаад, аихымцақәа, акалианқәа). Уи адагьы азакәан иҳәаақәнаҵоит адәныҟатә ӡыргара акыдҵараҟны аԥҟарақәа, аӡыргаратә конструкциақәа рықәыргылареи рхархәареи рзы аҭахрацҵақәа.
Аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылеит ашәахтәцҵазы ахәԥсазы (НДС) азакәан ахь аԥсахрақәа.
Аԥсны
Аԥсны аҳазалхратә закәанеидкылеи ашәахтәцҵеи азакәани аԥсахрақәа рылагалоуп
Иара убас актәи аԥхьарала адепутатцәа ирыдыркылеит "Аԥстәқәа рызныҟәашьаз" азакәан. Адокумент иазԥхьагәанаҭоит аԥстәқәа разыҟазаашьаан азеиԥш ԥҟарақәа рықәныҟәара, абри аусхк аҟны аҳәынҭқарратә ҭышәныртәалареи азеиԥш хылаԥшреи, аҩны аԥстәқәа рымазаара аҭагылазаашьаз аҭахрақәа, иаԥшәымадоу аԥстәқәа разыҟазаашьа, абнатәи аекзотикатәи ԥстәқәа афото рыцҭыхра аиҿкаареи амҩаԥгареи азинҟамҵара.
Аԥсны
Аԥсны Апарламент аԥстәқәа рызныҟәашьаз азакәан актәи аԥхьарала ирыдыркылеит
Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала "Афымцамчхараз" азакәан ариашарақәа аларгалеит, урҭ инарықәыршәаны аҳәынҭқарра иахатәу аенергетикатә хыбрақәа қьырала рыҭаразы аиқәшаҳаҭрақәа шьақәнарӷәӷәалоит Аԥсны Апарламент.
Убри аан иазгәаҭоуп азакәан уажәтәи аредакциаҿ ишыҟоу аҳәынҭқарра иахатәу аенергетикатә ҟазшьа змоу ахыбрақәа рхатәтәра аганахьала аԥкрақәа.
Аԥсны
Апарламент "Афымцамчхараз" азакәан ариашарақәа аланагалеит

Атуристтә хыԥша

Акурорт аамҭа ааигәахара инамаданы Атуризм аминистр Теимураз Хышба атәыла араионқәа дырҭааит.
Хышба Гал араион аҿы дыҟан. Иара аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсназы аҵак ду амоуп ҳәа, аусбарҭа аусурақәа мҩаԥнагоит иара атуристтә маршрутқәа ирыҵадыркырц азы ҳәа.
"Мышкы ҳәа атәыла иаҭаауа рзы иуадаҩзаргьы, акырмшы Аԥсны иҟазаауа атуристцәа рзы Гал араион аҿы идурбаша ҟалоит. Ара имаҷӡам аҭыԥ ԥшӡаррақәа. Иалшоит атәыла аиҳабыра рыцхыраарала глемпинг аиԥш иҟоу аԥсшьарҭатә хыбрақәа рыргылара", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Иара иазгәеиҭеит аҭыԥантәи аекскурсиатә фирмақәа Гал араион ахь амаршрутқәа рыҭира аинтерес дырктәуп ҳәа. Уи адагьы Галтәи аӡеизакырҭа азҿлымҳара зауша ҭыԥуп ҳәа ахиҳәааит.
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Атуризм аминистрра Гал араион атуристтә хырхарҭақәа ирыларҵарц ргәы иҭоуп
Иара убас Хышба мшаԥы 20 рзы даҭааит Очамчыра араион, уи зегь реиҳа аԥеиԥш бзиа амоуп атуризм аҿиараҟны иҳәеит иара.
"Очамчыра - ари Аԥсны араионқәа зегьы иреиҳауп, ҳара ҳазлахәаԥшуа ала атуризм аҿиара ауснагӡатәқәа рыҟны аԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа амоуп. Амшын ссируп, аԥшаҳәа ссируп", - иҳәеит Хышба.

Амаҵурақәа рнапхгаҩцәа ҿыцқәа

Аԥсны Апарламент адепутатцәа Ахылаԥшратә палата ахантәаҩ ҿыц далырхит. Уи Апарламент афбатәи ааԥхьара адепутат Каха Пертаиа иакәхеит.
Иара убас апарламентарицәа Анас Кьышьмариаԥҳа Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ ҳәа далырхит. Уаанӡа ари амаҵура дахагылан Асида Шьаҟрылԥҳа.
Ари аҭыԥ азы ркандидатурақәа ықәгылан Диана Керселиани Гәында Џьниаԥҳаи. Гәында Џьниаԥҳа лхала лкандидатура ықәылгеит.

Амаининг аԥырҟәҟәаара

Аԥсны ишьақәгылан иҟоу афымцамчтә кризис аамҭазы амаининг иаҿагылоу аусурақәа мҩаԥыргоит. Убас, иҳаҩсыз амчыбжь азы азинхьчаратә усбарҭақәа 40 маининг хархәагақәа ԥшааны ирылыргеит
Очамчыра ақалақь аҟны иԥшааны ирымырхит аус зуаз 37 маининг хархәагақәа, ҩба - Гагра, акы - Аҟәа. Иара убасгьы агәаҭарақәа мҩаԥганы Тҟәарчал араион Речхә, Ӷәымрышь, Уақәым ақыҭақәа рҟны. Аҟәа араион ақыҭақәа - Гәымсҭа, Баслаҭа, Ешыра. Гәылрыԥшь араион Маҷареи Мархьаул ақыҭеи рыҟны. Араҟа аус зуаз амаинингқәа ҳәа акагьы ыҟаӡамызт.
Аԥсны
Аԥсны мчыбжьык аҩнуҵҟа 40 маининг хархәагақәа рылгоуп

Аанкыларақәеи аҭәаҵла ахәшәтәреи

Аҭоурыхтә ҵакы змоу Лыхнашҭа иқәгылаз аҭәаҵла абылтәхьархь ала шьоукы гәаӷшақә иԥырҟеит мшаԥы 5 рзы. Фымш ааҵуаны ари аус азы ҩыџьа ахацәа аанкылан, ахаь урҭ рыхьӡқәа дмырзеит ашьаусԥшаара иаԥырхагамхарц азы.
Аҩаша, мшаԥы 18 рзы Апрокуратура хада апресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит лыхнытәи аҭәаҵла ааха арҭеит ҳәа гәҩарас ишрымоу Ираклии Даури Багаҭелиаа.
Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа аӡбамҭала Иракли Багаҭелиа даанкылоуп. Даур Багаҭелиа - аҩнытә ҭакра иқәҵоуп, иахәҭоу ахымҩаԥгашьа ааирԥшуеит ҳәа изыԥхьаӡаны.
Аԥсны
Лыхнашҭатәи аҭәаҵла ԥызҟаз рыхьӡ еилкаахеит
Убри аан, атәыла аекологцәеи анхацәеи ргәы камыжькәа аҭәаҵла еиқәдырхоит ҳәа иаҿуп. Иара убас ацхыраара ҟарҵарц шырҭаху рҳәеит аеспубликаҿы иааны иҟоу китаиуаа ҩыџьа. Убас, аԥшьаша, мшаԥы 19 рзы Китаинтәи Аԥсныҟа иааган аҵлазы ихәарҭоу хәшәык.
Аҭәаҵла ашьапы иҷыдоу ӡшьарк ахьыршьит аҟьашьырақәа рҟынтәи арыцқьаразы. Нас кәармала китаитәи ахәшә агәылалартә иларышьҭит, зынӡа ахәшәҭрақәа 30 алаҵан. Ари мчыбжьык иазхоит, уи ашьҭахь ҩаԥхьа еиҭаҟарҵоит.

Арезерв аҟны иҟоу аруаа рҽазыҟаҵарақәа

Иҳаҩыз амчыбжь азы Аԥсны Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп арратә напхгараҭара аусбарҭақәа, аидҵақәа, арезервхәҭақәа, арратә комиссариатқәа еибырҭо аҵакырахьчара еиҿкаарақәа.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп арратә напхгараҭара аусбарҭақәа, аидҵақәа, арезервхәҭақәа, арратә комиссариатқәа еибырҭо аҵакырахьчара еиҿкаарақәа.
Урҭ хықәкыс ирымоуп арратә напхгараҭара аусбарҭақәа реиқәыршәара, ахаҭаратә еилазаара адәнытә ҭагылазаашьаҿы рдыррақәа реизырҳара, рҿаԥхьа иқәгылоу аусдҵақәа рынагӡаразы арратә еилазаареи атехникеи аҵәах аҟынтә рнагара.
Аԥсны
Атәылахьчара аминистрра аҽазыҟаҵарақәа рҟны ахысрақәа мҩаԥыргеит

Амшын иххалаз

Мшаԥы 17 рзы Очамчыра араион аӡымҽхак аҟны Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә гәыԥи асиорфинг аӷәы иақәтәаз ҩыџьа Аԥсны атәылауаа еиқәдырхеит.
АҶА аҳәаахьчаратә гәыԥ аусзуҩцәа рахь адырра ҟарҵеит амшынҵакыра ахьчаҩцәа.

Анаркотикқәеи амашьына аӡареи

Аԥсны ААР ишаанацҳаз ала, Аҟәа дааныркылеит изакәанымкәан арҩашьыгатә маҭәашьарқәа алаирҵәон ҳәа гәҩарас иҟоу Урыстәыла атәылауаҩ.
48 шықәса зхыҵуа Борис Козиев идырбалеит арҩашьыгатә маҭәашьар аметадон згәылаз аилаҳәырақәа жәабеи, абанктә хсаалагақәеи, амаӡа ҭыԥқәа рсахьақәа ҭыхны изныз аҭели, иара убас Урыстәыла ААР аусзуҩ атәанчаҩы аполковникеиҵбы Козиев иршаҳаҭга.
Азинхьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа иаанкылоу аамҭала дахьынхо аҳҭнықалақь аҟны ирбеит арҩашьыгатә маҭәашьарқәа згәылаз 11 еилаҳәыра, даҽа хә-еилаҳәарак ԥшаан Алашарбага аҳабла аԥсыжырҭақәа рҿы амаӡа ҭыԥқәа рыҟны иахьышьҭеиҵахьаз. Иааидкыланы имырхыз арҩашьыгатә маҭәашьар 16,5 грамм ыҟоуп. Козиев даанкылоуп, ашьаусҭҵаара хацыркуп.
Гәдоуҭа араион ААР ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәа атәым мазара иӷьычит ҳәа гәҩарас ирымаз Саид Ԥаразиа дааныркылеит. Хыԥсҭа ақыҭан азинхьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа иӷьычыз амашьына "Daewoo Nexia", уи амашьына аԥшәма имаҭәақәеи идокументқәа шҭаз ирыԥшааит.
Ашьаус хацыркуп. Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа аӡбамҭала Ԥаразиа аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион аҟны амашьына иӷьычит ҳәа гәҩарас ирымоу даанкылоуп

Аԥсҭбарақәа зцыз амҩатә машәырқәа

Иҳаҩсыз амчыбжь азы аԥсҭбарақәа зхылҿиааз амҩатә машәырқәа ҟалеит Аԥсны. Ахәаша, мшаԥы 21 рзы, Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан автомашьына ааҳәын, уи зырныҟәцоз ихшыбаҩ ааха аиуын, иԥсҭазаара далҵит.
33 шықәса зхыҵуаз Ҟәланырхәа ақыҭа анхаҩы иԥсыбаҩ Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭахь инаргеит, уа иара иԥсра шьақәдырӷәӷәеит.
Гагратәи араионтә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 25 шықәса зхыҵуаз ахаҵа, мшаԥы 20 руха иҟалаз амҩатә машәыр аҟны ааха зоуз. Амедусзуҩцәа ирҳәеит уи аҽны Гагра араион аҟны амҩан амашәырқәа даҽа ҩба шыҟалаз. Иҟалаз амашәырқәа руак аҟны ашьаҟауаҩ амашьына исит. Ааха зоуз Аҟәатәи ареспубликатә хәшәтәырҭахь ддәықәҵан.
Аҩбатәи амашәыр аҟны аӡәгьы ааха имоуӡеит.