Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны мчыбжьык аҩнуҵҟа 40 маининг хархәагақәа рылгоуп

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг криптовалют
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2023
Анапаҵаҩра
Жәабран 5 инаркны мшаԥы 20 рҟынӡа, азинхьчаратә усбарҭақәеи "Амшынеиқәафымцамчи" русзуҩцәа 832 хыбра еимырдааит, иааизакны 1629 маининг хархәагақәа ԥшааны ирылыргеит.
АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Аԥсны мчыбжьык аҩнуҵҟа 40 маининг хархәагақәа ԥшааны ирылыргеит ҳәа аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.
Очамчыра ақалақь аҟны иԥшааны ирымырхит аус зуаз 37 маининг хархәагақәа, ҩба - Гагра, акы - Аҟәа.
Иара убасгьы агәаҭарақәа мҩаԥганы Тҟәарчал араион Речхә, Ӷәымрышь, Уақәым ақыҭақәа рҟны. Аҟәа араион ақыҭақәа - Гәымсҭа, Баслаҭа, Ешыра. Гәылрыԥшь араион Маҷареи Мархьаул ақыҭеи рыҟны. Араҟа аус зуаз амаинингқәа ҳәа акагьы ыҟаӡам.
Жәабран 6 2023 шықәсазы атәылаҟны иаԥҵан закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара аԥырҟәҟәааразы Ареспубликатә штаб. Уи напхгара аиҭоит аԥыза-министр Александр Анқәаб. Ари аамҭа иалагӡаны Аҳәынҭстандарт, ААР, АШәМ русзуҩцәа атәыла аҩнуҵҟа ирылыргахьеит 1600 маининг хархәагақәа. Уи анаҩсгьы, "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәеи дареи зинда атрансформаторқәа ахьықәгылоу иаҿырхуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0