Аԥсны

Актәи аԥснытәи амедицинатә форум хыркәшоуп

Актәи амедицинатә форум иалахәуп урыстәылатәи академикцәа, апрофессорцәа, амедицинатә ҭҵаарадырра акандидатцәа, Аԥсни Урыстәылеи амедицинатә хеилакқәа рхаҭарнакцәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Актәи аԥснытәи амедицинатә форум аусура хнаркәшеит Аҟәа, мшаԥы 25 азы.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Бҭәба урыстәылатәи асасцәеи Аԥсны амедусзуҩцәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит афорум ралахәхаразы.
Быҭәба иазгәеиҭеит ауснагӡатә ишалнаршо ареспубликаҟны агәабзиарахьчара аҿиара.
Едуард Быҭәба инаҵшьны иҳәеит амедицинатә форум традициала ԥхьаҟагьы ишымҩаԥысло. Иааиуа афорум мҩаԥгахоит 2024 шықәса мшаԥымзазы.
Афорум алахәылацәа – Аԥсни Урыстәылеи рҳақьымцәа, ҩымш рыҩнуҵҟа ашықәснҵыра, асанатор-курорттә инфраструктура аҿиара, ареабилитациа, аневрологиа, акоронавирустә инфекциа аҿагылара, аестетикатә хирургиа, акардиологиа, аветеранцәа рреабилитациа, зызҳара ԥку ахәыҷқәа рыцхыраара, абальнеологиатә курортқәа рыҿиара рызҵаарақәа ирылацәажәон.
Анаҩс, Аҟәа ақалақь аҿы амедицинатә форум зхы алазырхәыз урыстәылатәи аҳақьымцәа апациентцәа рыдыркылеит, аԥсуа ҳақьымцәа рзы аконсультациақәа мҩаԥыргеит.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистр агәабзиарахьчара ахықәкы хада атәы иҳәеит