Аԥсны

Александр Островски диижьҭеи 200-шықәса аҵра иазкыз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргеит Аҟәа

Аԥсны Островски иҟазара рдыруеижьҭеи акрааҵуеит –XIX ашәышықәса аахыс атеатрқәа рҿы иқәдыргылон ипиесақәа: "Адыд", "Анабзыҭ зцым", "Харада ахара зхараҵоу", "Ихьшәоу абзиабара", "Аҵыхәтәантәи аӡхәы" уҳәа егьырҭгьы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik. Александр Островски диижьҭеи 200-шықәса ихыҵра аҳаҭыраз акомедиа "Ахаҵа ԥшӡа" арбареи афотоцәыргақәҵеи мҩаԥган Аҟәа. Абри атәы аанацҳаит акультура-усутә центр "Москва Аҩны" апресс-маҵзура.
Ацәыргақәҵаҿы ицәырган XX ашәышықәсазы аԥснытәи атеатрқәа рҿы Островски иҩымҭақәа рыла иқәыргылаз аспектакльқәа рҟынтәи уиникалтәу афотосахьақәа.
1 / 4

Александр Островски диижьҭеи 200-шықәса аҵра иазкыз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргеит Аҟәа

2 / 4

Александр Островски диижьҭеи 200-шықәса аҵра иазкыз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргеит Аҟәа

3 / 4

Александр Островски диижьҭеи 200-шықәса аҵра иазкыз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргеит Аҟәа

4 / 4

Александр Островски диижьҭеи 200-шықәса аҵра иазкыз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргеит Аҟәа

"Иазгәаҭатәуп, Островски ирҿиамҭа Аԥсны ирдыруеижьҭеи акыр шҵуа. XIX ашәышықәсазы Аҟәа иқәдыргылон ипиесақәа рыла аспектакльқәа. ХХ ашәышықәсазгьы активла иҿион атеатртә ҟазара. Островски ирепертуар акыр иалаҵәан иҟан Аԥсуа драматә театр аҿы, аурыс театр аҿы. Ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит атеатр афоие аҿы еиҿкаау афотоматериалқәа", - иҳәеит акультура-усутә центр "Москва Аҩны" Александр Бигәаа.
Ауснагӡатә еиҿкаан Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҟны, Москва аиҳабыреи, Москва адәныҟаполитикатәии жәларбжьаратәии р-Департамент, аицџьынџьуаа Москватәи Рыҩны, Аҟәа иҟоу "Москва Аҩны" рыдкыларала.
Ауснагӡатә иаҭааит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ, Россотрудничество ахаҭарнакцәа, аԥснытәи аинтеллигенциа, КСОРС, ауаажәларратә усзуҩцәа.
Аԥсны
Аспектакль "Ахаҵа ԥшӡа" РУСДРАМ аҟны идырбахоит