Аԥсны

Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы хымз рыҩнуҵҟа 150-ҩык рҟынӡа аҳәаа еилазгаз аанкылоуп

Аԥснытәи аҳәаахьчаҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШӘМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи Егры аӡиас иаваршәны аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараз ауснагӡатәқәа еицымҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 25 - Sputnik. 2023 шықәса актәи аԥшьбара аҩнуҵҟа Аԥснытәи аҳәаахьчаҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШӘМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы 150-ҩык рҟынӡа аҳәаа еилазгаз ааныркылеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АШәМ апресс-маҵзура.
Административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷқәа "Аҳәаа иаԥну аҭыԥ аҿы аҳәаахьчаратә режим аилагареи", "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагареи", "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатә мшынӡқәеи аҵакыратә мшыни рҟны аҳәаахьчаратә режим аилагареи" инарықәыршәаны иаанкылоу аҭакԥхықәра рыдҵоуп.
Иара убасгьы закәаншьаҭада аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы х-уск хацыркын, аидара амҩангарақәа рзы ԥшь-уск ԥкын, 180 000 мааҭ рыхә аҭаҭын аалыҵ аҳәаа ахыгара аанкылан.