Аԥсны

Бадра Гәынбеи Ленинградтәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩи аусеицура иалацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 25 - Sputnik. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба идикылеит Ленинградтәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩ, агубернатор Иусбарҭа анапхгаҩы Игор Петров зхадараҿы дыҟоу аделегациа, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Аԥсны адәныҟаполитикатә хырхарҭа Урыстәыла аус ацура ада изыҟалом. Абри инадҳәаланы Ленинградтәи аобласти ҳареи ҳусеицура аинтерес ду ҳзаҵоуп. Иара аҿиара бзиа амоуп", - иҳәеит Гәынба асасцәа дырԥыло.

Игор Петров иажәақәа рыла, Ленинградтәи аобласти Аԥсни аус еицырулар шрылшо инарҭбаау азҵаарақәа рыла, ақыҭанхамҩатә зҵаарагьы налаҵаны.
"Ирацәоуп ҳара аус зцаауа арегионқәа, атәылақәа, аха Аԥсны иҷыдоу ҭагылазаашьоуп. Сгәы иаанагоит урыстәылаа Аԥсны аҽакала рыбзиабара азадырԥшуеит ҳәа. Шәыԥсабара ссируп, ибеиоуп. Ҳазҭааша, иаабаша рацәоуп. Ақыҭанхамҩа аганахь алагьы аинырра мҩаԥгахоит", - иҳәеит иара.
Аслан Бжьаниа ихьӡала Бадра Гәынба Ленинградтәи аобласт агубернатор ареспублика даҭаарц ааԥхьара ииҭеит.
Аԥсны
Аԥсни Ленинградтәи аобласти аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵараны иҟоуп