АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik. Бадри Есиава. Бзыԥтәи аҩхааҿы ахаҳәлеира иахҟьаны атуристцәа зҭатәаз амашьына аахақәа аиуит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
"Ауааԥсыра ԥырхага рмоуит. Иҳамоу адыррақәа рыла, амашьынагьы уамаӡак аахақәа амам. Ахаҳә леит Аӡиа иаҵәа иацәыхарамкәа", - иҳәеит иара.
Багаҭелиа иажәақәа рыла, ахҭыс ҟалеит 16:00 сааҭ рзы. Ааха зауз амашьына атуристцәа қьырала иргаз ауп. Апарк аусзуҩцәа ахаҳәлеира ахҟьаԥҟьақәа ықәыргеит.