АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыржәтәда иаанхоит мшаԥы 27 рзы ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра" апресс-маҵзура.
Аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 17:00 рҟынӡа.
Аӡыржәтәда иаанхоит: Ажәытә аҳабла, авокзал иахьаҵанакуа, ВИЕМ, Адыгатәи амҩа, ақалақь агәҭеи ашьхарԥы иахьаҵанакуеи.
Аӡыршьҭра ақалақь ауааԥсыра рахь аҭамзаара шьҭарҵоит аамҭалатәи ауадаҩрақәа рзы.