Аԥсны

Аҟәа иаатит арҵара-туристтә форум "Горизонты-23"

Мшаԥы 26 инаркны 28-нӡа Аҟәа имҩаԥысуеит Жәларбжьаратәи арҵара-туристтә форум "Горизонты-23".
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәларбжьаратәи арҵара-туристтә форум "Горизонты-23" аусура иалагеит Аҟәа ахаша, мшаԥы 26 рзы.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин афорум алахәылацәа аԥсшәа раҳәо иазгәеиҭеит, атуристтә индустриа ареспубликаҿы инанагӡо ароль ду, афорум қәҿиарала аусура азеиӷьеишьеит.
Афорум хымш имҩаԥысуеит. Алахәылацәа алацәажәоит атуриндустриа ауадаҩрақәа, хра злоу аусқәа, аԥеиԥш, аҵыхәтәантәи атрендқәа, атуризм аҿы амаркетинг хархәага ҿыцқәа, ахырхарҭа ҿыцқәа.
Арҵара-туристтә форум еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи Аԥсны Атуризм аминистрреи.