Аԥсны

Аԥсны "Иԥшьоу Гьаргь ицаха" акциа мҩаԥысуеит Лаҵара 9 рҟынӡа

"Иԥшьоу Гьаргь ицаха" акциа 1941-1945 шықәсқәа раантәи аибашьра Ду аҟны игаз Аиааира Амшныҳәа иақәыршәоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. "Иԥшьоу Гьаргь ицаха" жәларбжьаратәи акциа Аԥсны ихацдыркит мшаԥы 25 рзы, ихыркәшахоит Лаҵара 9 рзы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Россотрудничество ахаҭарнак Евгени Павлов.
"Иԥшьоу Гьаргь ицаха" жәларбжьаратәи акциа Аԥсны алахәуижьҭеи акырҵуеит. Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи Ахьӡ-аԥша амузеии сынтәа ари акциа еицымҩаԥыргоит. Дасу изҭаху ҳхаҭарнакрахьи амузеи ахьи днеины ацаха игар илшоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аиааира асимвол ареспублика араионқәа, ашколқәа, аколлеџьқәа ирзеихыршоит. Иара убасгьы ААИ аҭыԥқәа рҿы игылоу автоинспекциа аусзуҩцәа ирыҭахоит.
"Акциа акыр иҭбааны имҩаԥысуеит. Ҵыԥх 20 000 цаха шан. Ари акыр ирацәоуп. Сынтәагьы еиҵахом. Аиааира аазгаз ргәалашәара иасимволу ацаха змазарц зҭаху рацәаҩуп". - ҳәа иҳәеит Россотрудничество ахаҭарнак.
"Иԥшьоу Гьаргь ицаха" акциа 1941-1945 шықәсқәа раантәи аибашьра Ду аҟны игаз Аиааира Амшныҳәа иақәыршәоуп, агәалашәара иасимволуп, абиԥарақәа еиманадоит.
Урыстәыла
Акциа "Георгиевская ленточка" хацдыркит Урыстәыла