Аԥсны

Атуризм аминистр усутә ныҟәарыла Тҟәарчал дыҟан

Тҟәарчал шышьхаратә қалақьугьы бзиа еицырбо туристтә хырхарҭахар алшоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба аԥхынтәи атуристтә аамҭа аламҭалаз Тҟәарчал араион даҭааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Иара Тҟәарчал иҟазаараан араион ахада Исидор Дочиа диԥылеит, реицәажәараан иазгәеиҭеит ақалақь атуристтә центрк аҳасаб ала иҿиарц азы аинфраструктура шырҿиатәу, уи афинанстә ԥаразоужьра шаҭаху.

"Тҟәарчал уаанӡагьы атуристцәа рацәамызт, аха аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ари ахырхарҭаҿы акыр ус ҟаҵоуп. Ара ирацәоуп аҭыԥ ԥшӡарақәа. Ауаа идурбаша. Иҳагәҭакуп ҷыдала ирыхьчо аҵакыра аиҿкаара. Атуристцәа иргәаԥхашҭ амшын аҟынтәи 2300 метра аҳаракыраҿ иҟоу аӡиа. Аԥара азхар, араион азы ихәарҭахон, атәыла Мрагыларатәи ахәҭагьы абиуџьет шьҭыҵуан", - иҳәеит Дочиа.
Ҭеимураз Хышба иҳәеит, араион аҳәаанырцәуаа здызԥхьало центрны иҟалар шауа, ара Бедиатәи ауахәама еиԥшу аҭоурых-культуратә ҭынха аргыларақәа шырацәоу.