Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Киев уахыки-ҽнаки рыла 360-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәа ацәыӡит Донецктәи ахырхарҭаҿы

Уи адагьы УАМ иацәыӡит аршьаҟауаа рмашьынақәа быжьба, автомашьынақәа ааба, агаубица Д-20, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Украина Арбџьармчқәа уахыки-ҽнаки рыла 360-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәа ацәыӡит Донецктәи ахырхарҭаҿы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аибашьрақәа цоит Артиомовск мраҭашәаратәи ахәҭаҿы. Уа ажәыларатә отриадқәа рыцхыраарала авиациа жәынтәы ихалеит, артиллериа 62 усдҵа нанагӡеит.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи аруаа иҭадырхеит 65-ҩык украинатәи асолдаҭцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикап, 67-тәи амеханизациа зызуу абригада абџьаршьҭаҵарҭа; Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы - 80-ҩык аибашьцәа, аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩба, агаубица Д-20.
Алада –Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы аӷа ицәыӡит 120-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьына, автомашьынақәа жәба, агаубицақәа Д-20, "Мста-Б", артиллериатә шьақәгыла "Акация"; Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 20-ҩык аруаа, артиллериатә система М777.
Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа УАМ артиллериатә ҟәшақәа 98 ааха рырҭеит, 124 раион рҿы иҭадырхеит ари атехникеи, еилаҟәаҟәоуп ЗРК С-300 арадиолокациатә станциа, Аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа икарыжьит украинатәи адронқәа 15.