Аԥсны

Анаркотикқәеи аԥсихотропқәеи атәыла ралагалареи ралгареи аквотақәа шьақәыргылоуп

Аминистрцәа реилазаара ақәҵара анагӡашьа хылаԥшра анаҭалоит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара 2023 шықәсазы анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәа атәыла ралагалареи ралгареи аквотақәа шьақәнаргылеит.
2023 шықәсазтәи аквотақәа рыдкылара инақәыршәаны Аминистрцәа реилазаара Ақәҵара №90 (28.06.2022ш.) "Анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәа атәыла ралагалареи ралгареи аквотақәа рышьақәыргыларазы" амчра ацәыӡит ҳәа ишьоуп.
Анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәа рквотақәа шьақәдыргылоит амедицинатә, аҭҵаарадырратә, аҵаратә, аексперттә усура, аоператив-ԥшааратә усура, аветеринариа русхкқәа рҟны ахрархәаразы.