Аҳҭнықалкь амҩақәа, амшын аԥшаҳәа, афуникулиор, апаркқәа рҭагылазаашьа арҽеиразы иааиуа амзақәа рзы иазгәаҭоу ауснагӡатәқәа ртәы еиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе.
Иара иажәақәа рыла, хара имгакәа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны иҟоу аҭиирҭаатә хышәқәа рыԥшәмацәа аҳҭнықалақь ахадараҟны ирацәажәарц ауп. Урҭ ахәҳаахәҭра ҭыԥқәа ауаҩы иаҳа иблаҟны иааиуа иҟалароуп. Убасгьы аԥшаҳәа ахаҿра аиӷьтәразы иҟаҵахо атәы дазааҭгылеит Сурманиӡе. Иара иҳәеит акаҭран ақәҵара шазгәаҭоу аҳҭнықалақь амҩақәак рҟны, урҭ аусура рылагаразы еиҵахарас иҟоу. Убасгьы еиҭеиҳәеит, Аҟәатәи асқьала азҵаара ӡбашьа амоу иамаму макьана.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.