Урыстәыла

Украинаа итҟәаны ирымаз ҩынҩажәаҩык урыстәылаа рхы иақәиҭтәуп

Киев анапаҵаҟа иҟаз аҵакыраҿы дара рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭагылан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Украинаа итҟәаны ирымаз ҩынҩажәаҩык урыстәылаа аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны рхы иақәиҭтәуп ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

"Урыстәыла аҳаирпланқәеи арра-транспорттә авиациеи рыла итҟәаз ҳтәылауаа Москваҟа иаагоуп амедицинатә усҳәарҭақәа рҿы ахәшәтәреи ареабилитациеи рахыжьразы", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа адырраҭара.

Урыстәылеи Украинеи рыбжьара уаанӡатәи атҟәацәа реидыԥсахлара мҩаԥган мшаԥы 10 рзы. Усҟан рхы иақәиҭтәын 106-ҩык урыстәылаа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла арбџьармчқәа Херсонтәи аобласт аҟны УАМ рыдҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа ҩба ҭадырхеит