Аԥсны

Акциа "Аиааира адиктант" 70-ҩык рҟынӡа рхы аладырхәит Аԥсны

Сынтәа раԥхьаӡа акәны адиктант адҵақәа акитаи, асерб, аиспан, анемец, афранцыз, англыз бызшәақәа рахь еиҭаган.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Аԥсны 70-ҩык рҟынӡа ахәбатәи аиубилеитә акциа "Аиааира адиктант" рхы аладырхәит аԥшьаша, мшаԥы 27 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра.

Акциа мҩаԥысит Гагра араион х-школк рыҟны. Алахәылацәа инарыгӡеит 25 дҵа, аибашьра-ҭоурыхтә темақәа ирызкны 20 зҵаара рҭакқәа ҟарҵеит.

Аԥышәарақәа рзы азҵаарақәа аздырхиеит Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаареи, Урыстәылатәи арра-ҭоурыхтә еилазаареи, Урыстәылатәи агуманитартә университет рҵарауааи рекспертцәа.
Адиктант алахәылацәа зегьы ироуеит аусмҩаԥгатә ишалахәыз азы асертификатқәа, 25 балл зауа – афиналистцәа рдипломқәа.
Арҭ рҩызцәа адипломқәа ашколхәыҷқәа иреиҳау аҵараиурҭақәа ианырҭало абалцҵақәа риураҿы ирыцхраауеит.
Афедералтә иааиҩцәа алшара роуеит Лаҵара 9 рзы Ашҭа Ҟаԥшь аҟны имҩаԥысуа Аиааира Апарад алахәхара.