Аԥсны

"Ашана" Давид Алексаниан изы аԥареизгара хацнаркит

Фышықәса зхыҵуа Давид Алексаниан ипсихика-цәажәаратә ҿиара ԥкуп, инервтә система хада ааха амоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Давид Алексаниан изы аԥареизгара хацнаркит.
Ахәыҷ иан Наира Давтиан лажәақәа рыла, лԥа даниуаз аҵәыҵәри изымхо диит. Ҩышықәса дырҭан ахәыҷы уаанӡа ииҳәоз ажәақәа рҳәара дшаҟәыҵыз гәарҭо ианалага.
Давид Алексаняиан иан Наира Давтиан
Давид Шәача аклиникақәа руак аҿы дырхәышәтәуан. Уи ашьҭахь иԥсылышәшәара, ихдырра ицәыӡра дырҟәаҵит. Ихала аныҟәара илшон. Иара убасгьы дахрыжьит атокмаҷтә рефлексотерапиа, амикрополиаризациа, апсихологцәа рахь дныҟәыргон.
Наира лажәақәа рыла, Давид бзиа ибоит акы аргылара, аидкылара, бзиа ибоит аԥстәқәа, иҩызцәа дрыдҳәылоит, аха урҭ рацәак ицыхәмаруам ииҭаху ахьизымҳәо азы.
"Схәыҷы зегь реиԥш деизҳалар сҭахуп, ашкол ахь дцар сҭахуп. Иҟалап уаҩ дурак илымҵыргьы, аха ҵарак иҵар сҭахуп. Аҳақьымцәа зегьы еицырҳәоит иинтеллект кьыс амам ҳәа, аха макьана ицәажәара ԥкуп", - лҳәеит лара.
Давид изыԥшуп шәачатәи ацентр "Импульс" аҿы. Адиагностикеи ареабилитациатә курси рышьҭахь имҩаԥгахоит анеирокоррекциа, АРТ-терапиа, асенсортә интеграциа, алогопед-дефектолог аус идиулалоит, амузыкатә терапиа дахрыжьуеит.
"Ашана" Давид Алексаниан изы аԥареизгара хацнаркит
"Комплекс ҳасабла ацхыраара иҭахоит хымчыбжь рыҩнуҵҟа. Ҳазыԥшуп иҵоуроу адинамика ааԥшып ҳәа", - лҳәоит ацентр аҟаза, анеиропсихолог Светлана Боико.
Ахәыҷы изеизгатәуп иааидкыланы 232 320 мааҭ.
Ацхыраара аҟаҵашьазы адыррақәа шәоур шәылшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҟны.