https://sputnik-abkhazia.info/20230428/ashana-david-aleksanian-izy-aareizgara-khatsnarkit-1045533333.html
"Ашана" Давид Алексаниан изы аԥареизгара хацнаркит
"Ашана" Давид Алексаниан изы аԥареизгара хацнаркит
Sputnik Аҧсны
Фышықәса зхыҵуа Давид Алексаниан ипсихика-цәажәаратә ҿиара ԥкуп, инервтә система хада ааха амоуп. 28.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-28T18:10+0300
2023-04-28T18:10+0300
2023-04-28T18:17+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/1c/1045520349_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_6b7930edcba361912a168583e6e364d4.jpg
АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Давид Алексаниан изы аԥареизгара хацнаркит. Ахәыҷ иан Наира Давтиан лажәақәа рыла, лԥа даниуаз аҵәыҵәри изымхо диит. Ҩышықәса дырҭан ахәыҷы уаанӡа ииҳәоз ажәақәа рҳәара дшаҟәыҵыз гәарҭо ианалага. Давид Шәача аклиникақәа руак аҿы дырхәышәтәуан. Уи ашьҭахь иԥсылышәшәара, ихдырра ицәыӡра дырҟәаҵит. Ихала аныҟәара илшон. Иара убасгьы дахрыжьит атокмаҷтә рефлексотерапиа, амикрополиаризациа, апсихологцәа рахь дныҟәыргон. Наира лажәақәа рыла, Давид бзиа ибоит акы аргылара, аидкылара, бзиа ибоит аԥстәқәа, иҩызцәа дрыдҳәылоит, аха урҭ рацәак ицыхәмаруам ииҭаху ахьизымҳәо азы. Давид изыԥшуп шәачатәи ацентр "Импульс" аҿы. Адиагностикеи ареабилитациатә курси рышьҭахь имҩаԥгахоит анеирокоррекциа, АРТ-терапиа, асенсортә интеграциа, алогопед-дефектолог аус идиулалоит, амузыкатә терапиа дахрыжьуеит."Комплекс ҳасабла ацхыраара иҭахоит хымчыбжь рыҩнуҵҟа. Ҳазыԥшуп иҵоуроу адинамика ааԥшып ҳәа", - лҳәоит ацентр аҟаза, анеиропсихолог Светлана Боико. Ахәыҷы изеизгатәуп иааидкыланы 232 320 мааҭ. Ацхыраара аҟаҵашьазы адыррақәа шәоур шәылшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/1c/1045520349_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_cec3f7a206795107ee2909e13effe663.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
"Ашана" Давид Алексаниан изы аԥареизгара хацнаркит
18:10 28.04.2023 (ирҿыцуп: 18:17 28.04.2023) Фышықәса зхыҵуа Давид Алексаниан ипсихика-цәажәаратә ҿиара ԥкуп, инервтә система хада ааха амоуп.
АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Давид Алексаниан изы аԥареизгара хацнаркит.
Ахәыҷ иан Наира Давтиан лажәақәа рыла, лԥа даниуаз аҵәыҵәри изымхо диит. Ҩышықәса дырҭан ахәыҷы уаанӡа ииҳәоз ажәақәа рҳәара дшаҟәыҵыз гәарҭо ианалага.
Давид Шәача аклиникақәа руак аҿы дырхәышәтәуан. Уи ашьҭахь иԥсылышәшәара, ихдырра ицәыӡра дырҟәаҵит. Ихала аныҟәара илшон. Иара убасгьы дахрыжьит атокмаҷтә рефлексотерапиа, амикрополиаризациа, апсихологцәа рахь дныҟәыргон.
Наира лажәақәа рыла, Давид бзиа ибоит акы аргылара, аидкылара, бзиа ибоит аԥстәқәа, иҩызцәа дрыдҳәылоит, аха урҭ рацәак ицыхәмаруам ииҭаху ахьизымҳәо азы.
"Схәыҷы зегь реиԥш деизҳалар сҭахуп, ашкол ахь дцар сҭахуп. Иҟалап уаҩ дурак илымҵыргьы, аха ҵарак иҵар сҭахуп. Аҳақьымцәа зегьы еицырҳәоит иинтеллект кьыс амам ҳәа, аха макьана ицәажәара ԥкуп", - лҳәеит лара.
Давид изыԥшуп шәачатәи ацентр "Импульс" аҿы. Адиагностикеи ареабилитациатә курси рышьҭахь имҩаԥгахоит анеирокоррекциа, АРТ-терапиа, асенсортә интеграциа, алогопед-дефектолог аус идиулалоит, амузыкатә терапиа дахрыжьуеит.
"Комплекс ҳасабла ацхыраара иҭахоит хымчыбжь рыҩнуҵҟа. Ҳазыԥшуп иҵоуроу адинамика ааԥшып ҳәа", - лҳәоит ацентр аҟаза, анеиропсихолог Светлана Боико.
Ахәыҷы изеизгатәуп иааидкыланы 232 320 мааҭ.
Ацхыраара аҟаҵашьазы адыррақәа шәоур шәылшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҟны.