Аԥсны

Ленинградтәи аобласт аделегациа Очамчыра араион иаҭааит

Аԥсны иаҭааны иҟоуп Ленинградтәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩ Игор Петров зхадараҿы дыҟоу аделегациа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Аԥсыӡааӡаратә нхамҩа, зыжәла бзиоу арахәааӡара, ашьхааӡара, Кындыӷтәи аӡырԥхақәа – Очамчыра араион аҿы инеиз Ленинградтәи аделегациа абарҭ ахырхарҭақәа рыла аусеицуразы даара ринтерес шьҭырхит. Абри атәы аанацҳауеит Очамчыра-информ.
Аобласт аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Олег Малашьенко игәаанагарала, урыстәылатәи аделегациа раара Аԥсни Ленинградтәи аобласти реизыҟазаашьақәа реихаҳареи аекономика арҿиареи акыр иацхраауеит.
Аделегациа алахәылацәеи аԥснытәи рколлегацәеи ақыҭанхамҩатә наплакқәеи атуристтә лшарақәеи ирылацәажәеит, ԥхьаҟа Аԥсни Урыстәылеи ақыҭанхамҩа аусхк аҿы аусеицуреи аԥышәа аимдареи ртәы иазааҭгылеит.