Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ажәыларатә гәыԥқәа Артиомовск даҽа ԥшь-кварталк рхы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 30 – Sputnik. Урыстәылатәи ажәыларатә отриадқәа уахыки ҽнаки рыла Артиомовск мраҭашәаратәи ахәҭаҿы даҽа ԥшь-кварталк рхы иақәиҭыртәит, ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Уахыки-ҽнаки рыла авиациа ԥшьынтә иҵԥрааит, артиллериа 61 ҭыԥ иреихсит. Иара убас, иқәыцҟьаауп УАМ амеханизациа зызуу 25-тәи абригадеи, амеханизациа зызуу 54-тәи абригада артиллериатә арбџьаршьҭаҵарҭеи.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭадырхеит 85-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәа, акәылӡымашьынақәа ҩба, х-машьынак. Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 65-ҩык аӷацәа, акәылӡымашьынақәа ҩба, х-машьынак, агаубицақәа Д-30, Д-20.
Алада –Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иҭархоуп 30-ҩык украинатәи асолдаҭцәа, акәылӡымашьынак, ҩ-машьынак, агаубицақәа "Мста-Б", Д-30, Херсонтәи ахырхарҭаҿы – УАМ 10-ҩык асолдаҭцәеи автомашьынаки, агаубица "Мста-Б", аконтрбатареиатә жәылара арадиолокациатә станциа AN/TPQ-36.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи иҭадырхеит 82 артиллериатә ҟәша, 115 раион рҿы – ари атехникеи.
Иԥжәоуп аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа Краматорск иахьаҵанакуа.
Аҳауахьчаратә мчқәа икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактив хгәыцәқәа быжьба, аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа ԥшьба.