АҞӘА, лаҵара 1 – Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иҟоуп, Аҳабла ҿыц уахь иналаҵаны, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит "Аӡыршьҭра" аҟны.
Мшаԥы 30 ауха аӡымҩангагатә цәаҳәа ҭҟәацит аԥшьбатәи аӡыҭгагатә станциаҟны.
Аҭыԥ аҟны аусурақәа цоит. Ӡыла еиқәыршәахоит 2-3 сааҭ рыҩнуҵҟа.