Очамчыра араион Кәтол ақыҭан ааԥыни аџьеи рымшныҳәа Маи акы аҽны имҩаԥысит аҽыспорттә еиндаҭларақәа.
Ауснагӡатә иарбан аҽымпыл, аҵәеигәыдҵа, аҽырыҩра- 1200, 1400, 2000 метра. Еиндаҭлон Кәтолаа, Џьгьардаа, Уарчаа.
Аҵәеигәыдҵаразы афинал аҟны еиԥылеит кәтолтәи уарчатәи ркомандақәа,аиааира ргеит Кәтолаа, дара ахраҿақәеи, аҳаҭыртә шҟәқәеи рыдагьы аԥаратә ҳамҭа 40 нызқь мааҭ ранаршьеит.
Аҽтәы мпыл аҟны кәтолтәи акоманда џьгьардаа 12:7 ҳәа аиааира ргеит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аишьцәа Пантик, Валентин, Иван Табаӷәуаа рыхьӡала Аԥсны ииз ашьацқьа злоу аҽқәа 1400 метра иҩуан. Актәи аҭыԥ игеит-Дамеи Сақаниа, аҩбатәи- Руслан Дочиа, аҳпатәи-Беслан Бжьаниа.
1200 метра аҽырыҩраҟны актәи аҭыԥ даԥсахеит Саид Гәырчиани, аҩбатәи- Баҭал Ахсалба, ахԥатәи- Алик Багатуриа.