Аԥсны

2014 шықәсазы Одесса иҭахаз ргәаларшәаразы Аҟәа ақьаадлых-шхәақәа амшын ихырҵеит

Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ауааԥсыра 48 қьаадлых-шхәа амшын ихырҵеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik. 2014 шықәса лаҵара 2 рзы Одесса иҭахаз ргәаларшәаразы акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ауааԥсыра 48 қьаадлых-шхәа амшын ихырҵеит.
Акциа аиҿкааҩцәа акультуратә фонд "Аплатформеи" ауаажәларратә еиҿкаара "Урыстәылатәи атәылауаа рзинхьчара ацентри". Акциа адгылара арҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аицџьынџьуаа Рассоциациа.
"Иахьа, лаҵара 2 рзы ҳара иҭахаз ҳгәаларшәо рыцыԥхьаӡа 48 қьаадлых-шхәа амшын ихаҳҵоит. Ари ацәгьа зуз анацистцәа рыхәҭа иақәшәароуп. Уи хашҭра ақәымзароуп. Агәра аагоит аиашара аԥыжәара аиуп ҳәа. Украина зхы цәырызгаз афашизм ашьаҭа ыҵххароуп", - лҳәеит акциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку, ауаажәларратә еиҿкаара "Урыстәылатәи атәылауаа рзинхьчара ацентр" анапхгаҩы Елена Жилинскаиа.
Акциа аицеиҿкааҩцәа иреиуоу Елена Волобуева лажәақәа рыла, асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа атрагедиа агәалашәара адагьы аҭоурых аиашара шьақәдырӷәӷәоит.
Украина амчра анеиҭарк ашьҭахь, "амаидан иаҿагылоз" активистцәа Куликов идәаҿы амшьамбатә лагер дыргылеит. Лаҵара 2, 2014 шықәсазы Одесса, Абырзен шҭаҿы "амаидан иаҿагылоз" активистцәеи аиҿкаара "Ультрас" (Харков, Одесса) алахәылацәеи (ганкахь ала) "евромаидан" алахәылацәеи (егьи аганахь ала) еиҿагылеит. Аисра ду ҟалеит. Алагер ықәрыцҟьааит. Анаҩс амилаҭеилыхыҩцәа Азанааҭеидгылақәа Рхан амца ацрарҵеит ауаа шыҩназ. Уахьоуп ҽыҵәахра ҳәа иахьнеиз "амаидан" иаҿагылоз алахәылацәа. Абри амш аҽны иҭахеит 48-ҩык ауааԥсыра, 250-ҩык аахақәа роуит.