Аԥсны

Анқәаби Могилевскии аҭҵаарадырреи аҵареи русхк аҟны аусеицура иалацәажәеит

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб дидикылеит Урыстәыла аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи рминистр ихаҭыԥуаҩ Константин Могилевски.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 2 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби Урыстәыла аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи рминистр ихаҭыԥуаҩ Константин Могилевски аҭҵаарадырреи аҵареи русхк аҟны аусеицуреи, аҭҵааратә еилазаарақәеи аинститутқәеи реицаԥҵареи, аҭҵаарадырратә усура аҿиареи ирылацәажәеит.
Могилевски ишьақәирӷәӷәеит урыстәылатәи аган ԥхьаҟагьы ацхыраара ишазыхиоу.
Аԥснытәи аганахь ала аиԥылара иалахәын: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аҵара аминистр Инал Габлиа, аекологиа Аинститут адиректор, ААУ апроректор Роман Дбар.