Аԥсны

Џьеро Марганиа ишьра инадҳәаланы ашьаус хацыркуп

Ашьаус хацыркуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1; ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 иазԥхьагәарҭо ацәгьоурала.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 2- Sputnik. Гагра араион апрокуратура Џьеро Марганиа ишьра инадҳәаланы ашьаус хацыркит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура Хада.
Заанаҵтәи аусҭҵаарала Марганиа иԥсыбаҩ рбеит мшаԥы 29 рзы Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭаҿ аус зымуа аԥсаатәааӡарҭа афабрика аҵакыраҿы.
Абырзенти аргыларатә гәамсами ирыҵаҵәахын аԥсыбаҩ.
Мшаԥы 30 рзы даанкылан Давид Ахьиба. Уи ауаҩшьра шыҟаиҵаз азы иҿы иқәшаҳаҭхеит.