Аԥсны

Мгәыӡырхәа ақыҭан Сергеи Дбар дыргәаладыршәеит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа адҵаҟаҵаҩыс иҟаз, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Сергеи Дбар диит 1946 шықәса лаҵарамза 2 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik. Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар дыргәаладыршәеит дахьиз иқыҭа гәакьа Мгәыӡырхәа.
Сергеи Дбара ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит ақыҭа ахадара, иҩызцәа, иҭаацәа, иҭынхацәа.
Ақыҭа аусбарҭаҿ имҩаԥысит Сергеи Дбар игәалашәара иазкыз ахәылԥази афотоцәыргақәҵеи.
Сергеи Дбар ар рԥызаҩ, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан афронт адҵаҟаҵаҩыси аштаб хада еиҳабыси дыҟан.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа адҵаҟаҵаҩыс иҟаз, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Сергеи Дбар диит лаҵарамза 2, 1946 шықәсазы Мгәыӡырхәа ақыҭан.
Рашәарамза 27 2002 шықәсазы Сергеи Дбар 57 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.
Зхаҿсахьа наунагӡа зыԥсадгьыл иазынзыжьыз Сергеи Дбар игәалашәара аҳаҭыраз аҳҭнықалақь Аҟәа амҩадуқәа руаки Гәдоуҭатәи иҭахаз аибашьцәа рмузеии ихьӡ рыхҵоуп, Ахьӡ-аԥша апарк аҟны ибаҟа ргылоуп.
"17-тәи", мамзаргьы "Аду": Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар игәалашәаразы