Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы 30 шықәса раԥхьа иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәра шыҟалаз дазааҭгылеит Имдаҭ Агәас.
Имдаҭ аԥсшәа иҭаацәа рҿы иҵеит, ихала анбанқәа ҵаны аԥхьарагьы далагеит. Ашкол ахь санцоз аҭырқәшәа сыздырӡомызт, аԥсышәа мацара акәын ҳәа иҳәеит арадиоефир аҿы иара.
45 шықәса ракәын ихыҵуаз Имдаҭ раԥхьаӡа акәны иџьынџь ԥсадгьыл ишьапы анықәиргылаз. Усҟан Аԥсны Ацьынџьтәылатә еибашьра цон.
"Аԥсныҟа аара еснагь исҭахын, аха аибшьра ахҭысқәа саара еиҳагьы идырццакит. Аибашьра ианалага аара сҭахын, аха апаспорт сымаӡамызт уи даара игәнызгон. Сҩыза ҷкәын данԥсы, иара ипаспортла Қарҭ ала сааит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Имдаҭ.
2023 шықәсазы 30 шықәса ҵит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәаразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи. Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы ишәаҳар шәылшоит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа, рхәыцрақәа.