Аԥсны

Аслан Бжьаниа Минводҟа днеит Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа аартра аҽалархәразы

Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны имҩаԥысуа ауснагӡатә рҽаладырхәоит Урыстәыла арегионқәеи Нхыҵ Кавказтәи Афедералтә округ асубиектқәа рхадацәеи.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Минводы имҩаԥысуа раԥхьатәи Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа аартра аусмҩаԥгатә иалахәхоит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ауснагӡатә иалахәу асасцәа аԥсшәа реиҳәеит Урыстәыла аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Александр Новак. Иара иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа амҽхак шҭбаау, агәыӷра ааирԥшит алахәылацәа имаҷымкәа аиқәшаҳаҭрақәа рнапы шрыҵарыҩуазы.
Ставропольтәи атәылаҿацә аҳҭнықалақь аҟны лаҵара 3-4 рзы имҩаԥысуеит Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭоит АКФО иалахәу асубиектқәа рнапхгаҩцәеи акорпорациа дуқәа рхадацәеи рԥылара.
Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, атуризм аминистр Ҭемраз Хышба, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.