Аԥсны

Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхоит аԥшьаша, лаҵара 4 рзы

Алашара арцәара аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыдҳәалоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхоит аԥшьаша, лаҵара 4 рзы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Ашьаҟақәа реиҟәыҭхагақәа рыԥсахра инамаданы аҳауатә цәаҳәа "Очамчыра" ырцәахоит. Убри инамаданы асааҭ 05:00 инаркны 06:00 рҟынӡа лашарада иҟазаауеит Аҟәа ( астанциа маҷқәа "Баслаҭеи" "Синопи" рҟынтәи алашара зауа рыда), Аҟәеи, Гәдоуҭеи, Гагреи рраионқәа.
Иара убас, асааҭ 11:00 инаркны 16:00 рҟынӡа арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгаразы идырцәоит астанциа маҷ "Пицунда".