Аԥсны

Лаҵара 3-4 рзы Гагра ақалақь ӡыда иаанхоит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Гагра аӡы аанкылахоит ахаша, лаҵара 3 ахәылбаҽха инаркны лаҵара 4 рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит араион ахадара апресс-маҵзура.
""Аӡыршьҭра" ауааԥсыра ирыланаҳәоит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарымаданы, Гагра ақалақь аҟны лаҵара 3 асааҭ 21:00 инаркны лаҵара 4 амш зегьы аӡы шаанкылахо", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Араион анапхгара аҭамзаара шьҭарҵоит аамҭалатәи ауадаҩрақәа рзы.