АҞӘА, лаҵара 3 – Sputnik, Сариа Кәарацхелиаԥҳа. Пицундатәи ауахәама ауарӷантә зал аҟны есышықәсатәи аконцерттә сезон аатит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист, аорӷанарҳәаҩы Лука Гаделиа.
Сынтәа аконцерттә сезон аатит изааны. Уи зыхҟьаз хыԥхьаӡара рацәала ахәаԥшцәа ахьадҵаалоз ауп.
"Пицундатәи ауахәама ауарӷантә зал аҟны аконцерттә сезон аатит мшаԥы 30 рзы. Уаанӡа аасҭа акыр иԥасаны иааҭит. Ахәаԥшцәа рганахь ала иадҵаалоз рацәаҩын аконцерттә сезон анбаатуеи ҳәа. Убри аҟнытә заа аартра ҳаӡбеит", - иҳәеит Гаделиа.
Раԥхьатәи аконцерт аҟны иқәгылеит Аԥснытәи аҳәынҭфилармониа ахкынагӡаҩцәа Лука Гаделиеи Кристина Ешбеи. Дара лаҵарамза зегьы ес-мҽыша ауахәамаҟны иқәгылалоит.
Анаҩс, рашәарамза инаркны Пицундатәи ауахәама ауарӷантә зал аҟны иқәгылалоит Аԥснытәи аҳәынҭфилармониа егьырҭ ахкынагӡаҩцәагьы, иара убас Аҳәынҭқарратә акамертә аоркестр, Аԥснытәи ахортә копелла.
"Ҳара иҳазԥшуп асизон беиа, ҳапрограмма еиуеиԥшымкәан ишьақәгылоит", - иҳәеит Гаделиа.
Аконцертқәа алагоит асааҭ 17:00 рзы. Есышықәса Пицундатәи ауахәама ауарӷантә зал аҟны аконцерттә сезон мҩаԥысуеит жьҭаарамзанӡа.