АҞӘА, лаҵара 3 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра Аракьыҽы ақыҭа ашкол иарҭеит 576 рҵага шәҟәы ҳәа аанацҳауеит ахаҭарнакра апресс-маҵзура.
Ашәҟәқәа рыбжьара иҟоуп аматематика, афизика, аурыс бызшәеи алитературеи, аусугатә тетрадқәа, ажәарқәа, асахьаркыратә рҿиамҭақәа. Арҭ ашколхәыҷқәа рҵараҵараҿы ицхыраагӡахоит.
Хәажәкыра 23 рзы Аракьыҽытәи аерман школ блит. Ааԥынтәи аԥсшьарамшқәа рышьҭахь 76-ҩык аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аҭаратәи ашкол иаднакылеит. Дара уаҟа аҵара рҵалоит рышкол аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахаанӡа.