Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ахәаша, лаҵара 4 рзы

Аӡы аанкылахоит Имам Шамиль - Арӡынба, Аҩадатәи - Аргәын, Коӷониа - Дбар амҩақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥгахо азы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡрыжәтәда иаанхоит ахәаша, лаҵара 4 рзы, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра" апресс-маҵзура.
Аӡа аанкылахоит асааҭ 00:00 рзы, иоурышьҭуеит 22:00 рзы.
Аӡы роуӡом Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, Ешбеи Аедыгьцәеи рымҩақәа, авокзал, аџьармыкьа, ақалақь ашьхара иахьрыҵанакуа.