Аԥсны

Административтә зинеилагаразы ашьаусқәа ҩба хацыркуп

Аԥсны атәылауаа ҩыџьа рганахьала фҩык аҭыԥҳацәеи ҩыџьа арԥарацәеи ашьыжь иаанкылан аихамҩатә цҳақәа рҟны аплакатқәа анхыршьуаз.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Аԥсны атәылауаа ҩыџьа рганахьала административтә зинеилагаразы (Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 166, ахәҭа 1 инақәыршәаны) ашьаусқәа хацыркуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аусбарҭа адыррала, аҿар ргәыԥ алахәылацәа аихамҩатә станциа "Гәыма" аихамҩацҳаҿы ашьыжь асааҭ 04:30 рзы иаанкылан.
Фҩык аҭыԥҳацәеи ҩыџьа арԥарацәеи ашьыжь аихамҩатә цҳақәа рҟны аплакатқәа хыршьуан.
Дара абарҭ аплакатқәа реиԥш зеиԥшыз хыршьуан Кәыдрытәи амҩадуи Воронов имҩаҿы игылоу аестакадақәа рҟынгьы.
Аҭыԥҳацәа рыҿцәажәара ашьҭахь рыҩныҟақәа иоушьҭын. Арԥарацәа рганахьала административтә ус хацыркын. Абри ашьҭахь даргьы рыҩныҟақәа рахь иоушьҭын.